Курсктәи аобласт аҿы аҩаӡара ҩежь иаҵанакуа атеррористтә шәарҭара рыларҳәеит

Атеррористтә шәарҭаразы аҩаӡарақәа хԥа ыҟоуп: инаҳараку - аиаҵәа, иҳараку - аҩежь, нагарҭа змам - аҟаԥшь.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Курсктәи аобласт аҿы мшаԥы 11 рынахыс атеррористтә шәарҭара ҟалар ахьалшо азы аҩаӡара ҩежь аларгалоит, абри атәы икьыԥхьит аобласт агубернатор рыларҳәеит Роман Старовоит иофициалтә Telegram-канал аҿы.
"Убри инамаданы аобласт иахьаҵанакуа агәаҭарҭа-хылаԥшратә ҭыԥқәа шьақәыргылоуп, уа игылазаауеит аруаа аполициеи, аиланхарҭақәа рхылаԥшра еиҳа идырӷәӷәоит", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Агубернатор аобласт атәылауаа дрыҳәеит агәаҽанызаара аадырԥшларц, азинеиҿкаара аусзуҩцәа ирыцхрааларц - џьара аӡәы еилаҳәарак хылаԥшрада иаанижьма, ма зыгәра умгаша аӡәыр рылаԥш дыҵашәама, амчратә усзуҩцәа адырра рырҭаларц.
Иацы, мшаԥы 9 рзы Украина аганахьала Курсктәи аобласт аиланхарҭа Елизаветовкаҿы иҟоу агәаҭарҭатә ҭыԥ минаршәгала иеихсит. Агубернатор ишиҳәаз ала, ааха зауз ауаа ма аԥхасҭа зыҭаз ахыбрақәа ҳәа акгьы ыҟаӡам. Иахьынтәихысуаз аҭыԥ иақәкны иеихсит аҳәаахьчаҩцәеи урыстәылатәи арбџьармчқәа рхаҭарнакцәеи.