Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бобуаԥҳа Аҟәа араион аҟынтә ахҵәацәа рзы агәыразратә цхыраара атәы

Асасааирҭа "Аиҭар" аҟны иҟоу Донбассынтәи ахҵәацәа ари амчыбжь азы агәыразратә цхыраара рзеиҿыркааит Аҟәа араион. Уи шымҩаԥысыз атәы еиҭалҳәеит Аҟәа араион акультура аҟәша аиҳабы Емма Бобуаԥҳа.
Sputnik
Ари акциа аԥхьа Ԥсҳәы ақыҭауаа ахҵәацәа рзы агәыразратә цхыраара аарышьҭхьан, уи хадаратәла анхацәа иаадрыхыз афатә–ажәтә ала еиҿкаан. Убасгьы ацхыраара ҟаҵан араион ахадара рнапынҵала. Ашколхәыҷқәа ахҵәацәа рзы амаҭәа-аҩыҭәа уҳәа еизыргеит, ахҵәацәа рзы иаахәан ахәшәқәа, ирацәажәан, ирыгу-ирыбзоу ала еиқәыршәан.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.