Урыстәыла АҶА Шәача ашьхақәа рҿы асыԥсалеиразы ауаа ргәырҽанырҵоит

Амшын еиқәа иаҿықәу акурорт ахәҭаҿы аҳауа ԥхоуп, ақәа леиӡом, Шәача аҳауаԥхарра +19 градус инаӡоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Шәача ашьхақәа рҿы асыԥсалеиразы ашәарҭара ыҟазаауеит мшаԥы 13 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә иатәу АҶА аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Мшаԥы 10 асаат 18 инаркны мшаԥы 13 асааҭ 18 рҟынӡа Шәача иахьаҵанакуа 1000 метра иҩахыганы ашьхараҿы асыԥса леиуеит ҳәа ашәраҭара ыҟоуп", - ҳәа ануп аусбарҭа адырраҭараҿы.
Уаанӡа АҶА ауаа ргәырҽаннаҵахьан 2,5 нызқь метра аҳаракыраҿы асыԥса леир шалшоз, асасцәеи акурорт аусзуҩцәеи ҷыдала агәаҽанызаара аадырԥшырцгьы ирыҳәеит.
30 градус еиҳау анаара иаҿамлароуп, ааигәара имнеироуп, уа аҵлақәа ма ачықьқәа ирзымҳауазар, иара убас 45 градус еиҳаны анаара ахьыҟоу асы леицыԥхьаӡа асыԥсагьы леиуеит.