Аԥсны

Аԥснытәи атхеквондистцәа Новокубансктәи араион аҿы аԥыжәаратә ҭыԥқәа ааныркылеит

Мшаԥы 8-9 рзы Армавир имҩаԥысуаз аицлабрақәа ирылахәын 27 аԥснытә спортсмен. Аԥыжәара ргеит аҷкәынцәа реиԥш аҭыԥҳацәагьы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аԥснытәи атхеквондистцәа Новокубансктәи араион аҿы аԥыжәаратә ҭыԥқәа ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы апресс-маҵзура.
Мшаԥы 8-9 рзы Армавир имҩаԥысуаз аицлабрақәа ирылахәын 27-ҩык аԥснытәи аспортсменцәа. Актәи аҭыԥ ааныркылеит жәҩык, аҩбатәи – жәҩык, ахԥатәи – ааҩык.

Актәи аҭыԥқәа ргеит: Руслан Пекливаниан, Аурика Кузнецова, Руслана Гусак, Инал Смыр, Никита Кохан, Богдан Ахриутин, Альберт Бабаиан, Арсен Челикиан, Елина Каленџьиан.

Аразны медалқәа ргеит: Милена Косиан, Людмила Иванова, Сариа Цоцориа, Неонила Ахриутина, Сергеи Дудукчиан, Самир Бадиа, Еснаҭ Оҭырба, Григори Барцыц, Давид Сельвиан.
Аџьазлыхқәа ргеит: Андреи Халаиџьиан, Енвери Еснаҭи Оҭраа, Артур Кондакчиан, Сергеи Барцыц, Артем Толокольников, Наира Ексузиан, Руслан Трапизониан.
Еснаҭ Оҭырба ҩ-категориак рҿы дықәгылеит, џьара актәи аҭыԥ игеит, аҽаџьара – ахԥатәи.
Аспортсменцәа азыҟарҵоит Саида Гәынԥҳа, Едуард Арзуманиан, Ҭемыр Барцыц.
Мшаԥы 8 - 9 рзы Армавир имҩаԥысуаз аицлабрақәа ирылахәын 100-ҩык аспортсменцәа.