Бибилов иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла алхрақәа аҩбатәи ртур ҟалараны ишыҟоу

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа раан абжьыҭара заанаҵтәи адыррақәа мшаԥы 11 асааҭ 11:00 азы ирылаҳәахот.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Анатоли Бибилов Аахыҵ Уаԥстәыла АКХ апресс-центр аҿы иҳәеит 96% абиуллетенқәа аус анрыдыруыла ашьҭахь аҩбатәи атур шыҟало шеилкаахаз. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.
Иара иҳәеит ивагылоу акандидатцәа уи ишамарымкуа.
68% ԥкаанҵа аус рыдуылара ашьҭахь Кваиса ақалақь алхратә комиссиа адырра ҟанаҵеит Анатоли Бибилов Алан Гаглоев иеиҳа еиҵаны абжьы шиоуз.
Ареспубликаҿы еиҿкаауп аҵакыратә алхырҭатә ҭыԥқәа фба— ақалақьқәа Цхинвали Кваиса, араионқәа Ленингорск, Цхинвал, Дзаус, Знаурск рҿы. Кваиса — Аахыҵ Уаԥстәыла аҩбатәи қалақьуп.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа раан рыбжьы арҭеит 82% алхыҩцәа
Анатоли Бибилов апресс-центр аҿы иҳәеит алхрақәа атәыла азакәанқәа ирықәшәо ишымҩаԥысуа, иазгәеиҭеит Алан Гаглоев дивагыланы аҩбатәи атур ахь дышнеиуа, уи агәахәара шинаҭо.
"Аҩбатәи атур ахь инеиуеит ҩ-идеологиак. Ажәлар ирҭаху алырхуеит", - иҳәеит иара.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа: иахьатәи ахада Анатоли Бибилов, апарламент адепутатцәа Гарри Мулдарови Александр Плиеви, апарламенттә партиа "Ныхас" ахантәаҩы Алан Гаглоев, уаанӡатәи адепутат Дмитри Тасоев.
Аԥсны
Аԥснытәи анаԥшцәа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа шымҩаԥысуаз еиҭарҳәеит