Арадио

Кәарҷиаԥҳа Аахыҵ Уаԥстәыла атәыла ахада иалхрақәа рзы: џьара еиқәԥарак, еисрак убомызт

Аахыҵ Уаԥстәыла атәыла ахада иалхрақәа рҟны анаԥшҩцәас ирылахәыз Аԥснытәи аделегациа ахаҭарнак, АКХ алахәыла Инна Кәарҷиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, алхрақәа рымҩасшьа атәы.
Sputnik
Аахыҵ Уаԥстәыла мшаԥымза 10 рзы имҩаԥысит атәыла ахада иалхрақәа. Аԥснытәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа ицеит алхрақәа рыҟны анаԥшҩцәа раҳасабала атәыла анапхгара иҟанаҵаз ааԥхьара ашьҭахь.
Анатоли Бибилов Аахыҵ Уаԥстәыла АКХ апресс-центр аҿы иҳәеит 96% абиуллетенқәа аус анрыдыруыла ашьҭахь аҩбатәи атур шыҟало шеилкаахаз.
"Иаҳбаз даара агәышьҭыхра ҳнаҭеит. Ауаажәлар активра ду аадырԥшит алхрақәа рҿы. Аиҿкаашьа ахәшьара ҳаркы аҳҭоит, ирымаҳдашагьы ҳбеит. Иаҳҭахуп Аԥсны ҳаннеилак, ҳколлегацәа ҳрацәажәаны иааиуа алхрақәа рҿы ҳхы иаҳархәартә еиԥш аҟаҵара. Иаҳҳәап, алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы иҟоу анаԥшҩцәа алхратә бӷьыц аҿы инапы аҵаҩроуп. Убри ҟамҵакәа ауаҩы ибжьы изаҭаӡом. Алхыҩ абӷьыц идыркуеит, анаҩс анаԥшҩцәа зегьы дрыслны, алхратә комиссиа хадеи рнапы аҵарҩуеит. Уи алхрақәа рымҩаԥгараҿы даара иаарту процессуп ҳәа иҳаԥхьаӡеит. Даара пату еиқәҵарала имҩаԥысит алхрақәа. Џьара еиқәԥарак, еисрак убомызт", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәарҷиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.