Макрон актәи атур аҿы аԥхьагылара шимоу аанарԥшуеит 97 процент абыжьқәа рхыԥхьаӡара

Франциа ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥгахоит мшаԥы 24 азы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Франциа уажәтәи ахада Еммануель Макрон актәи атур аҿы аԥхьагылара шимоу аанарԥшуеит 97 процент абыжьқәа рыԥхьаӡара - 27,6 %.

Арыӷьарахьтәи апартиа "Амилаҭтә еидгылара" ахада Марин Ле Пен аҩбатәи аҭыԥ нылкылоит (23,41%), арымарахьтәи апартиа "Зхы лазмырҟәыз Франциа" ахада Жан-Лиук Меланшон — ахԥатәи аҭыԥ аҿы дгылоуп (21,95 процента).

Франциа ахада иалхрақәа мҩаԥысит мшаԥы 10 азы. Ахадарахьы ркандидатура ықәгылан 12 кандидат. Урҭ рҟынтәи фҩык раԥхьаӡа акәны иқәгылан. Азакәан инақәыршәаны аиааиразы 50% абжьқәа аҭахуп.