Сурам Сақаниа арадиофер аҿы иҳәеит ацәыргақәҵаҿы ишаарԥшу Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа уаанӡа идырымыз, иара убасгьы иҟоуп Шимиакини Брендели русумҭақәа.
"Ари ацәаргақәҵа даара аҵак ду амоуп, избанзар, иҟалоит мышкы зны ицәырҵыр ақәра змоу, зхатә уаҭахқәа рҿы иҟоу аусумҭақәа, уажәы ишыҟалаз еиԥш. Уажәтәи ацәыргақәҵа иаанарԥшит иаҳамбацыз аусумҭақәа рацәаны. Избанзар аҩны иҵәахын, уи ажәлар ирбарҭамызт, убри аҟнытә ари аартра дук еиԥш ҳахәаԥшуеит", - иҳәеит Сақаниа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.