Аԥсны

Аԥсуа-шьамтәылатә Еилакы аилатәара мҩаԥгахоит цәыббрамзазы

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба мшаԥы 11 азы диԥылеит аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Феисал Микдад.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Аекономикеи, ахәаахәҭреи, аҭҵаарадырреи, атехникеи, акультуреи рыҟны аусеицуразы аԥсуа-шьамтәылатәи Еилакы аилатәара азгәаҭоуп 2022 шықәса цәыббрамзазы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аилак аилатәара амҩаԥгараз Аԥсны аиҳабыра раԥшьгамҭа Шьамтәыла адгылара арҭеит, иара убас Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Феисал Микдад ажәалагала ҟаиҵеит аԥсуа-шьамтәылатәи аинвистициатә форум Шьамтәыла имҩаԥгазарц.
Аганқәа алацәажәеит ҩ-ганктәи аусеицура арҿиара азҵаарақәа. Аминистр Феисал Микдад Баграт Хәытаба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит абри аусхк аҟны активла иусуразы, иазгәеиҭеит 2021 шықәсазы Аԥсны ахада Шьамтәылаҟа инеира аҵак ду аманы ишишьо.
Аиԥылара алахәылацәа иазгәарҭеит Урыстәыла аус ацура хра шалоу, ирҳәеит Украина абџьархыхразы аоперациа ҷыда ишадгыло.
Феисал Микдад иҳәеит Шьамтәыла ахада Башар Аль-Асад Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажәа ҟәандақәа шизааицҳаз.
Аслан Бжьаниа Башара Асад Аԥсныҟа дааиԥхьеит
Баграт Хәытаба Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба исалам Микдад ииҭеит, уи аҭакс иҳәеит аԥснытәи иколлега ибара гәахәас ишиоуа.