АҞӘА, мшаԥы 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи анапылампылтә команда актәи аҭыԥ аннакылеит Калуга имҩаԥысуаз Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа, змаҵуратә напынҵақәа рынагӡараан иҭахаз ргәалашәара иазкыз XI анапылампыл азы жәларбжьаратәи аицлабраҿы ҳәа иҳәеит акоманда азыҟаҵаҩ Иван Моисеенко.
Иара иҳәеит аицлабрақәа ишрылахәыз 20 команда Подольск, Крома, Тамбов, Воронеж, Липецк, Калуга, Москва, Орел, Стари Оскол рҟынтәи.
"Атурнир аикәыршаратә системала имҩасуан. Иаиааиуа ахәмарҩы еидикылаз очкоқәа рыла далырхуан. Аихшьаалақәа рыла ҳара актәи аҭыԥ аагеит. Аҩбатәи аҭыԥ агеит акоманда "Калуга-2", ахԥатәи - "Тамбов". Ахәыҷқәа гәырӷьаҵәа иҟоуп", - иҳәеит Моисеенко.
Азыҟаҵаҩ иажәаәқа рыла иааӡамҭацәа Калугатәи атурнир ԥшьынтәуп иалахәхоижьҭеи. Раԥхьаӡа акәны иранашьахеит "ахьы". Иреиӷьу ахәмарыҩ ҳәа ихьӡ рҳәеит Ратмир Гәазаа, иреиӷьу аимадаҩ ҳәа - Леон Ешба.
Акоманда аҩныҟа ианыхынҳәлак аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит рашәарамзазы Геленџьык иазгәаҭоу аицлабра алахәхаразы.