"Мызкы иалагӡаны аинсценировка аус адызулон. Аҩымҭа апиеса алхра усҟак иуадаҩӡамызт, избанзар алакә даара ибзианы аԥсшәахь еиҭагоуп. Ари раԥхьатәи сԥышәоуп аҩымҭа апиеса алхразы. Ҳәарада, алакә аус адиулар акәын адраматург, аха уи иҟамзаара иахҟьаны схахьы изгеит ус еиԥш адҵа. Сгәанала, исықәҿиеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭодуа.
"Апринц хәыҷы" ақәыргылаҩ иҳәеит зегь реиҳа иуадаҩхаз, апиеса асценаҿы аформа азыԥшаара шакәхаз.
"Аҩымҭа имарианы иануп, аха убысҟак иуадаҩын асценаҿы аарԥшра. Аамҭа рацәа сцәагеит аформа аԥшаара. Аҩымҭа ицәырнаго атемақәа уадаҩуп, убри аҟнытә ирмарианы асценахь инагатәын, ахәыҷқәа еилыркаартә еиԥш, уи ауп хықәкы хаданы исымаз", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭодуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.