Арадио

Ԥачлиа Очамчыра араион амҩаду аҿықәан абылрақәа рзы: цәҳәырахоит асакараҟнеиԥш

Очамчыра араион амҩаду аҿықәан мҽхакы ҭбаала ачықьқәа былуан арҭ амшқәа рзы. Амцакрақәа зыхҟьо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра араион абылрацәыхьчара-аиқәырхаратә хәҭа аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
Sputnik
Очамчыра араион аҟны амҩаду аҿықәан абылра ҟалеит мшаԥымза 11 рзы. Абна амца ацраҵара ҟазшьа бааԥск иаҩызахеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа иахылҿиаар алшоит ашәарҭара. Амца иамҽханакыз абна арцәара ахьынӡауадаҩуи аҟазауаа лассы-лассы иҟало амцакрақәа ирхырҳәаауеи атәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иаҵанакуа Очамчыра араион абылрацәыхьчара-аиқәырхаратә хәҭа аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
Абылрақәа ирыхҟьаны иахьазы 31-нтә амцарцәагатә машьынақәа аҭыԥ ахь инеихьеит, ажьырныҳәа аахыижьҭеи 139 гектар адәқәеи абнақәеи былхьеит иҳәеит Ԥачлиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.