Арадио

Ҩардан аҿкчымазара хызҽуа алаҵазы: Аԥсны инхо зегьы ирызхаша ҳамоуп

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Аҩардан еиҭеиҳәеит иахьазы алаҵа шаҟаҩы ирзыҟарҵахьоу, уи аҟаҵара хымԥада иаҭахны иҟоума, ачымазара ҿкы аганахьала аҭагылазаашьа иахьазы изеиԥшроу атәы.
Sputnik
Аԥсны апрофилактикатә лаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит 2021 шықәса лаҵарамза аахыс урыстәылатәи алаҵақәа "Спутник V", "Спутник-лайт" рыла. Зынӡа алаҵа рзыҟарҵахьеит 20 нызқьҩык ауааԥсыра. Асанитартә ҳақьым хада ауаа ргәырҽанылҵеит акоронавирус зынӡаскгьы иҳалҵны ишымцо, убри азы алаҵа ҟазымҵац иҟарҵарц рабжьылгеит.
Ауаажәларратә иммунитет шьақәгылахьазар, иаҭахума алаҵа аҟаҵара? Иахьазы шаҟаҩы ирзыҟарҵар алшода уи? Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи рҭак ҟаиҵеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Аҩардан.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны