Аԥсны

Аԥснынтәи бреик-данс акәашаҩцәа Шәача актәи аҭыԥ ааныркылеит

Бреик-данс азы ачемпионат "Battle Fortune" мҩаԥысит мшаԥы 9 - 10 азы Шәача, Алла Духова лыстудиа-школ "Тодес" аҿы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аԥснытәи абреикдансерцәа ачемпионат "Battle Fortune" аҿы актәи аҭыԥ ргеит ҳәа аанацҳауеит Аспорт азы аҳәынҭеилакы.

Атурнир иалахәын Урыстәыла арегионқәеи Аԥсни рыкәашаҩцәа. Аицлабра иалахәын Џьамила Тачулиаԥҳаи Мадина Қәҭелиаԥҳаи напхгара зырҭо акоманда "Apsny Crew" аҟынтәи 23-ҩык акәашацәа.

Ачемпионат аихшьалақәа рыла аԥснытәи абреикданскәашаҩцәа актәи аҭыԥқәа ҩбеи аҩбатәи ҭыԥки ргеит. Актәи аҭыԥқәа ргеит Даниели Маркели Ҷкадуаа, аҩбатәи - Самсон Занҭариа.
Мадина Қәҭелиаԥҳа лажәақәа рыла, аԥхьатәи ақәгылара иалахәын 60-ҩык акәашаҩцәа.
"Аилыԥшаарақәа рышьҭахь ҳара ҳтәқәа анеиндаҭлозгьы ыҟан. Усҟан гәадурыла рыхәаԥшра акәын иузаанхоз. Рыҩаӡара ҳаракуп. Ганкы уадгылар ауеит, аха рыҩганкгьы уара ианутәу реигәырӷьароуп иузынхо", - лҳәеит лара.
Қәҭелиаԥҳа Аҿари аспорти рзы Аилак анапхгара иҟарҵаз адгылараз ҭабуп ҳәа ралҳәеит.