Иахьазы аҳәынҭқарра ахьӡала ауаа иранаршьо амедалқәеи аорденқәеи ахьыҟарҵо Тҟәарчалтәи азауад "Зариа" аҟны ауп. Аҿаҵатәы еснагь ирымам, аха ааигәа ироуит, ҩымзҟа иадхалоит уи. Азауад аҟны 35-ҩык аус руеит иҳәеит уи аиҳабы. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа аусуцәа рхыԥхьаӡара 1000-ҩык рҟынӡа инаӡон, урҭ рахьтә 600-ҩык аҭыԥҳацәа ракәын иҳәеит Харчлаа.
Азауад аиҳабы убасгьы еиҭеиҳәеит иарбан проекту аԥсҭазаара иаладырҵәарц ргәы иҭоу.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.