АҞӘА, мшаԥы 13 – Sputnik. Европатәии америкатәии аполитикцәа Урыстәыла аганахьала иаларгалаз асанкциақәа Мраҭашәараҿ азеиԥш акризис аԥырҵеит иҳәеит Владимир Путин Арктика аҿиаразы аилацәажәараҟны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Уаҩҵас аусеицуреи урыстәылатәи аенергоресурсқәа мап рыцәкреи миллионла европаа ааха рнаҭеит, аенергетикатә кризис арҿиеит. Зехьынџьара ахәқәа халоит, аинфлиациа шьҭыҵит, ари аиԥш ҟамлацт", - иҳәеит Урыстәыла ахада.
Путин иазгәеиҭеит Урыстәыла апроблемақәа аиузаргьы, урҭ даҽа лшарақәак шрызцәырнаго, егьырҭ авариантқәа рхы ишадырхәо.
Урыстәыла анефҭи агази атәыла аҩнуҵҟа ахрархәара алшоит, аӡа аусеиҭадуланы аенергоресурсқәа егьырҭ адунеи арегионқәа рахь рынашьҭра алшоит иҳәеит ахада.
Урыстәыла Украина арратә операциа ианалага ашьҭахь Мраҭашәара Урыстәыла аганахьала асанкциақәа аланагалеит.
Москва мраҭашәаратәи атәылақәа рхымҩаԥгашьа економикатә еибашьроуп ҳәа ахҳәааны аҭакҟаҵара иалагеит.