Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур арыцхә шьақәырӷәӷәоуп

Аахыҵ Уаԥстәыла атәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысит мшаԥы 10 рзы. Алхрақәа актәи ртур аҿы аԥыжәара роуит Анатоли Бибилови Алан Гаглоеви.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхарзы аҩбатәи атур мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 28 рзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ареспублика ахада ипресс-маҵзура адыррақәа рыла.

Алхыҩцәа рбыжьқәа реиҳара акандидатцәа аӡәгьы иахьимоуз азы аиҭалхарқәа мҩаԥгахоит. Аиҭалхра мҩаԥысуеит алхрақәа рылҵшәа анышьақәдыргыла ашьҭахь 15 мшы иахымгакәа, аха мшаԥы 24 ахьныҳәамшу азы (Мшаԥныҳәа) иӡбан алхрақәа мҩаԥгазарц мшаԥы 28 рзы.

Уаԥстәыла АКХ ахада иахь ашәҟәы нанашьҭит мшаԥы 28 ԥсшьарамшны ирылаҳәазарц.
Аҩбатәи атур аҿы еиндаҭлоит иахьатәи ареспублика ахада Анатоли Бибилови аоппозициатә политикатә партиа "Ныхас" ахада Алан Гаглоеви. Аахыҵ Уаԥстәыла АКХ адыррақәа рыла, актәи атур аихшьаалақәа рыла Алан Гаглоев 36,9 процент абыжьқәа иоуны аԥыжәара имоуп, Анатоли Бибилов – 33,5%. Абжьыҭарахь инеит 82% ауааԥсыра.