Аԥсны

Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа Аԥсны хәыда-ԥсада амедицинатә цхыраара роулоит

Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа Аԥсны амедицинатә цхыраара рыҭаразы аиқәшаҳаҭра алыршан Аԥсны агәабзиарахьчараа министр Едуард Быҭәба Цхинвал даныҟаз.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 14 – Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа Аԥсны хәыда-ԥсада амедицинатә цхыраара роулоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Дара аҽыхәшәтәразы алшара роуеит абарҭ амедусҳәарҭақәа рҿы:
Аҟәа иҟоу зылшара ԥку ахәыҷқәа рзы Ареабилитациатә центр аҿы (аныҟәагатә аппарат, анерв-система хада, Даун исиндром, адагәара, аутизм, аҿаҳадагәара);
Гагра иҟоу 1992-1993 шш. раантәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рзы Ареабилитациатә центр аҿы;
Очамчыра иҟоу аспорт-комплекс асасааирҭа "Жемчужина";
Тҟәарчал ахәшәтәырҭа хадаҿы иҟоу аковидшьҭахьтәи ачымазцәа рзы ареабилитациатә ҟәшаҿы.
Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа Аԥсны хәыда-ԥсада амедицинатә цхыраара роулоит АУА агәабзиарахьчара аминистрра абиуџьет ала альготатә ҭагылазаашьақәа ирықәыршәаны.
Аинформациа аиуразы АУА Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алла Чочиева илыдҵаалатәуп.
Аԥсны
Аԥсни Чечентәылеи аус еицырулоит агәабзиарахьчара аусхк аҟны