Аԥсны

Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит

Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь адепутатцәа ԥшьышықәса ҿҳәарас ирыҭаны иалырхуеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Аҟәатәи алхратә комиссиа Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь алхырҭатә ҭыԥ №14 аҟны адепутат иалхрақәа рашәара 12, 2022 шықәсазы имҩаԥгахоит ҳәа ишьақәнаргылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аизара асаит.

Алхрақәа мҩаԥгахоит Аизара адепутат Нарсоу Салаҟаиа Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь дахьалырхыз азы.

Аҭыԥантәи алхрақәа аҵыхәтәаны имҩаԥган 2021 шықәса мшаԥы 11 азы.
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь адепутатцәа ԥшьышықәса ҿҳәарас ирыҭаны иалырхуеит.
"Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа" азакәан инақәыршәаны Аизара иалҵыз адепутат ицынхәра дықәыргыларазы алхрақәа мҩаԥгахом адепутатцәа рзинмчра анҵәаразы жәымз еиҵаны ианаанхо.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡба Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара ахыдҵақәеи аусушьеи ртәы