Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡба Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара ахыдҵақәеи аусушьеи ртәы

Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Апарламент ааԥхьара ҿыц ахыдҵақәа шибо атәы.
Sputnik
Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара актәи аилатәара мҩаԥысит мшаԥы 12 рзы. Иалхуп Жәлар Реизара ахантәаҩы, уи ихаҭыԥуаа. Иарбан хыдҵақәоу Апарламент ҿыц аԥхьа иқәгылоу, аилакқәа реиҿкаара уҳәа арҭ аусқәа рҿы уадаҩрас акыр ыҟоума? Иарбан закәанқәоу, иарбан усқәоу адепутатцәа рҿаԥхьа ишьҭоу аԥхьа инаргыланы? Апарламент аҿы даара имаҷуп аоппозициа ахаҭарнакцәа, абри аҭагылазаашьа Жәлар Реизара аусура ишԥаныԥшуа? Избан ҩаԥхьа Апарламент ахь анеира зиӡбаз уҳәа далацәажәеит Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.