Лавров Урыстәыла мҽхакыҭбаала агибридтә еибашьра азцәырыргеит иҳәеит

Аминистр иажәақәа рыла, мраҭашәаратәи атәылақәа рполитика еиҳа имҽыӷхеит Урыстәыла жәларбжьаратәи аренаҿы агәаанагара аартны иаҳәо ианалага, ахатә милаҭтә интересқәа ахьчо ианалага.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҳәеит Мраҭашәара Украина аҭагылазаашьа ахы иархәаны Урыстәыла мҽхакыҭбаала агибридтә еибашьра азцәырнагеит ҳәа. Абри атәы азгәанаҭоит РИА Новости, адипломат МГИМО аҿы имҩаԥысуаз аконференциа "Ацифратә жәларбжьаратә еизыҟазаашьақәа 2022" аҟны иқәгылара ааго.

"Мраҭашәара адемократиа иалашарбагоушәа ахы або иалагеит, ахахьы иагахьаз жәларбжьаратәи ахыдҵақәа ирыцәхьаҵит, уи еиҟароу аинформациаиура, досу игәаанагара аҳәара алнаршом", - иҳәеит адипломат.

Аминистр иажәақәа рыла, мраҭашәараа рҽеидкыланы, ЕАА ахадараҿы инаргыланы аинформациатә хыҵхырҭақәа ԥырхагада ауаа рыҭаразы рҭакԥхықәрақәа мап рцәыркуеит, АИХқәа, аинформациатә ҳақәа рҿы даҽа гәаанагарак аҳәара алдыршом.
Лавров иҳәеит Урыстәыла адунеи аҽацәхьанакуам, ахҭахкаарагьы иашьҭам, аха убри аан ахатәы еиҳа иақәгәыӷлоит ҳәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Урыстәыла Украинеи иареи реилацәажәара алҵшәа аиуп ҳәа иақәгәыӷуеит
Уи адагьы, иара иҳәеит Москва ацифра аусхк аҟны, аиҳаракгьы интернет, акибершәарҭадара русхкқәа рҟны аусеицура иазыхиоуп, избанзар аԥҟарақәеи аиқәшаҳаҭрақәеи рыда адунеи акиберанархиахь икылсуеит ҳәа.