Мшаԥымза 14 – Ашәахтә маҵзура аусбарҭа аусзуҩцәа рымш азгәарҭоит.
Ашәахтә маҵзура – ари аҳәынҭқарра афинанстә зҵаарақәеи аҩнуҵҟатәи аусқәеи напхгара азҭо усбарҭоуп. Ашәахтә маҵзура иабзоураны атәылаҿы еснагь имҩаԥысуеит асоциал-економикатә политика, иахәҭоу амедицинатә цхыраара, атәанчаҩцәа ироуеит атәанчахәы, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа ауалафахәы, астудентцәа – астипендиа.
Иахьа аминистрра қәҿиарала инанагӡоит зегьы реиҳа ихадоу афункциа - аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалатә хәҭа анагӡара ҳәа азгәалҭеит Матуаԥҳа.
"Ҳаамҭа иақәшәо аматериалтә техникатә базеи аусзуҩцәа русура гәацԥыҳәарала азнеишьеи иабзоураны ашәахтә усбарҭа афункциа хада лҵшәа бзиала инанагӡоит. Ашәахтәқәа ралагара адинамикала дарбанзаалак ибарҭахар илшоит ҳтәыла аҿиара амҩа ишану. Ирацәоуп афакторқәа ашәахтәқәа ралагара ашәагазагақәа реизҳара зыбзоуроу. Аҵыхәтәантәи аамҭаз уи акурорттә сезон аизырҳароуп", - ҳәа азгәалҭеит Матуаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.