Аԥсны

Ақаҩба ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҟны акультуратә уснагӡатәқәа реиҿкааразы адгылара ҟаиҵоит

Адәныҟаполитикатә усбарҭа уаанӡатәи ахада Даур Ақаҩба Аԥсны акультура аминистрс дҟаҵан мшаԥымза алагамҭазы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 15– Sputnik. Акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны иҟоу акультуратә ҟәшақәа реиҳабацәеи рнапхгаҩцәеи реиԥылараан еицнарыгӡарц зылшо апроектқәа ирылацәажәеит.
Ақаҩба иазгәеиҭеит ақалақьқәеи араионқәеи акультуратә ҟәшақәа русеицура аҵакы ду шамоу, иҳәеит ақыҭақәа рҟны еиуеиԥшым апроектқәа рынагӡаразы ацхыраареи адгылареи шриҭо.
Аиԥылараҟны ажәалагала ҟаҵан, араионқәа рҟны еиҿкаау аҟазаратә коллективқәа еиҭанаиааины аконцертқәа мҩаԥыргарц.
Аиԥылара алахәылацәа хара имгакәа иҟоу апроектқәа рынагӡаразы, иҟаҵатәу ашьаҿақәа рылацәажәаразы ишеиқәшәо рҳәеит.
Аԥсны
Даур Ақаҩба акультура аминистр иҭыԥ аҿы игәҭакқәа дрылацәажәеит