АҞӘА, мшаԥы 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи аолимпиатә аӡсаратә комплекс аартхоит аԥхынра алагамҭаз ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит афирма "Аквастройинвест" адиректор хада Олег Иурченко.
"Аӡҭарчы уажәазы арԥхара алшом ӡыла ишҭәугьы. Амра шыра шааҟалак аӡсара алшо иҟалоит. Рашәарамза акәхар ауеит. Уажәы инханы иҟоу амаҷ-саҷқәак ҟаҳҵоит, ус амыругақәа зегьы аус руеит" - иҳәеит иара.
Аҟәатәи аӡҭарчы фымцамчла аиқәыршәараз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны аԥхынра мацара аус аулоит, аӡы амра ианарԥхо.
"Аусурақәа зегьы уснагӡала имҩасуеит, аха иҟоуп ауадаҩрақәа аӡы арԥхаразы иахәҭоу афымцамч анашьҭра ахьрылымшо азы. 780 киловатт аҭахуп, аӡҭарчы арԥхаразы. Иҟам имыцхәу 100 киловатткгьы", - иҳәоит иара.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирықәхарџьуп 40 миллион мааҭ.
" 2007 шықәсазы аҭҵааратәии аиҭашьақәыргыларатәии аусурақәа ирылаган. Уажәы ахыркәшарахь ҳнеит", - ҳәа иҳәоит "Аквастройинвест" адиректор хада.
Аӡҭарчы жәларбжьаратәи анормақәа ирықәшәо иҟоуп, аицлабрақәа мҩаԥугаларгьы алшоит иҳәеит Иурченко.
Сухумский бассейн
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҟәатәи аолимпиатә ӡсаратә комплекс аргылара иалагеит 1968 шықәсазы, иаартын 1980 шықәсазы Москва имҩаԥысуаз Аолимпиада аламҭалаз. Иара жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо еиҿкаан: аҵаулара– 2,25 метра, аҭбаара – 20 метра, аура – 50 метра иҟан. 360-ҩык ахәаԥшыҩцәа рҭыԥ аман.
Аибашьраан аӡҭарчы ааха ӷәӷәа аиуит.
Аҟәатәи аӡҭарчы 2007 шықәсазы ақалақь ахадара қьырала ЗҲәА "Аквастройинвест" ианаҭеит. Уи арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит.
Абри аамҭала ажәытә комплекс ықәгоуп, адренажтә трубақәа шьҭаҵоуп, иргылоуп аӡыҭгагақәеи аӡрыцқьагақәеи, ишьақәыргылоуп аҽыкәабарҭақәеи аҽеилаҳәарҭақәеи атрибунақәеи.