АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Ермантәыла урыстәылатәи агаз ахә амааҭ ала ашәара иалагеит иҳәеит ареспублика аекономика аминистр Ваган Керобиан ҳәа аанацҳауеит РБК.
"Амилаҭтә валиутақәа рахь ииаслатәуп. Иахьынӡаздыруа ала аҵыхәтәантәи ашәарақәа мааҭла имҩаԥган уи аамҭазтәи акурс инақәыршәаны", - иҳәеит Керобиан.
Убри аан, иара иазгәеиҭеит ахәеиҿкаара адоллар ала имҩаԥысуеит, аха ахәшәара амааҭ ала имҩаԥгахалоит ҳәа.
"Ермантәылаҟа иаарышьҭуа агаз ахә "Газпром" алаӡарала мааҭла ахә ахшәаара азин ҟанаҵоит. Уажәы ари алшара ахархәара аҳҭоит", - ҳәа иҳәеит амаҵзура "Газпром" хаҭарнак ҷыда Сергеи Куприанов.
Урыстәыла мшаԥы 1 инаркны аԥарашәаратә система ҿыц аланагалеит. Владимир Путин иусԥҟа инақәыршәаны аҳәаанырцәтәи аахәаҩцәа урыстәылатәи абанкқәа рҿы амааҭтә ԥхьаӡарақәа аадыртыроуп.