Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҩӡба амшцәгьақәа раан ааха зауз цхыраарас ирырҭо

Амшцәгьақәа раан ааха зауз атәыла ауааԥсыра аҳәынҭқарра аҟынтәи аԥара рзоужьуп. Гәдоуҭа араион афинанстә цхыраара аихшара шымҩаԥысуеи, анаҩстәи ахәҭа анымҩаԥгахои далацәажәоит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.
Sputnik
310-ҩык араион ауааԥсыра рынхарақәа аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны ааха роуит. Иҟоуп 500 нызқь мааҭ рҟынӡагьы ааха зауз. Иахьазы амшцәгьақәа раан аԥхасҭа зауз 100 нызқь мааҭ рҟынӡа рзыршәоит аҳәынҭқарра ахьӡала ҳәа азгәеиҭеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ. Анаҩстәи ашәарақәа рашәара-ԥхынгәы мзақәа рзы ироуп ҳәа агәыӷра ыҟоуп иҳәеит Аҩӡба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.