Turkish Airlines аклиентцәа амааҭ ала абилеҭқәа аархәартә алшара рзырхынҳәуп

Ҭырқәтәыла урыстәылаа рзы рацәак зыхә ҳаракым ԥсшьарҭа ҭыԥуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 15 – Sputnik. Аҳаиреилахәыра "Турецкие авиалинии" ҩаԥхьа ареисқәа амааҭ ала ахә рыхшәаара алшара архынҳәит аофициалтә саит аҿы ҳәа аанацҳауеит АТОР.
Аопциа аҵыхәтәантәи аҩымз рыҩнуҵҟа ахархәара узаҭомызт. Turkish Airlines асаит аҿы абилеҭқәа раахәара ауеит аԥарахсаалага "Мир" ахархәарала. Аҟәша "акредит /дебет хсаалага" аҿы урыстәылатәи амилаҭтә ԥарашәаратә система адырга арбоуп.
Уаанӡа "Мир" ала Turkish Airlines абилеҭқәа раахәара ауан аҭырқәа лирақәа рыла, уажәы "Мир" ала мааҭла иааухәоит.
Ахсаалагақәа Visa, Mastercard рыла макьана аԥарашәара залшом. Абилеҭ аахәараан аԥара ахыҵӡом.