Аԥсны

Володин Лаша Ашәба Аԥсны Апарламент аиҳабыс иалхра идиныҳәалеит

Мшаԥы 12 азы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара адепутатцәа раԥхьатәи реилатәараҟны Апарламент аиҳабыс маӡалатәи абжьыҭарала далархит Лаша Ашәба.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин Лаша Ашәба Аԥсны Апарламент аиҳабыс иалхра идиныҳәалеит, Урыстәылаҟа усутә ныҟәарыла днеиԥхьеит. Абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара асаит.

"Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Жәлар Риезара-Апарламент аиҳабыс шәалхра. Шәусураҿы ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит", - аҳәоит адныҳәалара аҟны.

Виачеслав Володин аԥснытәи иколлега Урыстәылаҟа днеиԥхьеит Аԥсни Урыстәылеи апарламентбжьаратә усеицура арҿиаразы.
Мшаԥы 12 азы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара адепутатцәа раԥхьатәи реилатәараҟны Апарламент аиҳабыс маӡалатәи абжьыҭарала далырхит Лаша Ашәба.
Иара рыбжьы ирҭеит аилатәара иалахәыз 33-ҩык адепутатцәа зегьы.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара ахантәаҩы далхуп