АҞӘА, мшаԥы 16-Sputnik. Аԥснытәи аиқәԥаҩ Марат Кәакәасқьыр Агәҭантәи афедералтә округ дачемпионхеит ҳәа аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы асаит.
Ахацәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥараз Агәҭантәи афедералтә округ ачемпионат мҩаԥысит Брианск мшаԥы 15 азы. Уи азкын Урыстәыла ачемпионат ашҟа алԥшааратә еицлабрақәа.
Еиуеиԥшым зыкапан ыҟаз аԥхьахә агаразы еицлабуан 100-ҩык инареиҳаны арегион аҟынтәи аспортсменцәа. Аԥснытәи аиқәԥаҩ Марат Кәакәасқьыр аиааира игеит зыкапан 70 кьыла иҟаз рыбжьара.
Азыҟаҵаҩ Дауҭ Лазба иааӡамҭа Марат Кәакәасқьыр иҽазыҟаиҵоит аиқәԥаразы аспорттә клуб ЦСК, Ислам Калаев инапхгарала.