Аԥсны

Гагратәи акоманда аҭыԥҳацәа рыбжьара анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҟны аиааира ргеит

Асабша, мшаԥы 16 азы ихыркәшахеит аҭыԥҳацәа рыбжьара анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат. Уи еиҿыркааит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилаки Аԥсны анапылампыл Афедерациеи.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 16-Sputnik. Гагратәи анапылампыл азы аҭыԥҳацәа ркоманда актәи аҭыԥ аанакылеит Аԥсны ачемпионат аҟны, абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы асаит.
Аицлабрақәа мҩаԥысуан Аҟәа Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә аспорт хәмаррақәа рышкол ахыбраҟны. Аиааира иазықәԥон аҳҭнықалақь акомандақәа ҩбеи Гагреи Гәдоуҭеи ркомандақәа.
Ачемпионат аихшьаалақәа рыла, акомандақәа зегьы иреиӷьхеит Гагратәи. Урҭ зыҟаҵаҩс дрымоуп Ольга Мамаева. Аицлабрақәа рыҟны аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Олег Лакрба иазыҟаиҵо Аҟәатәи акоманда, ахԥатәи – Гәдоуҭатәи акоманда, зыҟаҵаҩс дрымоуп Аслан Қапба.
Аицлабрқәа рыҟны иреиӷьу ахәмарҩцәа ҳәа иалыркааит Гагрантәи Ольга Мамаеваԥҳа Алана Агрԥҳа, Гәдоуҭантәи Мариа Наҟәаԥиаԥҳа, Аҟәантәи Ника Амҷԥҳа.
Ачемпионат аӡбаҩс дыҟан ареспубликатә ҩаӡара змоу аӡбаҩ Руслан Царгәыш.
Аԥсны
Очамчыра иаатит абокс азы аԥхьахә агареи Аԥсны ачемпионати