Абаза жәлар рмилаҭтә ҩыра 90-шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҿы имҩаҧган аконференциа. Уахь ааҧхьара рыман Ҟарачы-Черкесснтәи аҵарауаа. Аусмҩаԥгатә ахықәкы хада, аԥсуааи абазақәеи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҟны аус зуеи аҵара зҵои ремадарақәа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит ААУ аҟны еиҿкаау Владимир Анқәаб ихьӡ зху алитературатә кабинет аиҳабы Ахра Анқәаб.