Аԥсны

Аиқәырхаҩцәа Мамзышьха иӡыз Урыстәыла атәылауаҩ иԥсыбаҩ рыԥшааит

Мамзышьха ашьхаҟьаҟьара иахьаҵанакуа ахаҵа дыӡит ҳәа Аԥсны АҶА адырра роуит мшаԥы 11 ауха асааҭ 10 рзеиԥш, аиқәырхаҩцәа иаразнак аҭыԥ ахь амҩа иқәлеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа Мамзышьха иӡыз Аладатәи Новгород инхоз Андреи Сазонов иԥсыбаҩ рыԥшааит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Урыстәылауаҩ 1970 шықәсазы ииз иԥсыбаҩ рыԥшааит асабша мшаԥы 16 рзы Гагрыԥшь аӡиас аҩхааҿ, амшын аҟынтәи 900 метра аҳаракыраҟны ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Аиқәырхаҩцәа Сазонов хәымш ишьҭан. Аԥшаарақәа рҿы ацхыраара ду ҟарҵеит аҭыԥантәи анхацәа. Мамзышьха иахьаҵанакуа ҩ-метрак илеиз асы иахҟьаны аԥшаарақәа уадаҩын.
Аиқәырхаҩцәа агәаанагара рымоуп, ахаҵа аҵаа дакны дыԥсит ҳәа.