Аԥсны ааԥынтәи аусурақәа рҽырзыҟаҵаразы аилацәажәара мҩаԥысит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрраҟны. Гектарк адгьыл ацәаӷәара ахә 3 000 мааҭ иаԥсоуп. "Ҳара иаҳҭахуп ҳанхацәа аҳәынҭқарра шрыдгыло рдыруазарц. Иҟалоит механизаторк еиҳа еиҳаны ахә ықәиргылар, зегьы ҳазрышьклаԥшуам. Аха ҳгәыӷуеит ари азҵаараҿы ақыҭақәа рхадацәагьы ҳацхраап ҳәа", - иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа уи аилацәажәараҿы.
Ааԥынтәи ақыҭанхамҩатә усқәа рылагамҭазы анхацәа абылтәы-ахьшьтәқәа рыхә ацлареи зыда ԥсыхәа ыҟам атауарқәеи рыхә ашьҭыҵреи ирыниоит. Убри аҟынтә амашьына-трактортә станциақәа ироуеит ақыҭанхамҩа аҿиара иазоужьу аԥарақәа инарыцҵаны, уи алагьы ҵыԥхтәи ахәқәа иреиҳамхартә аҭагылазаашьақәа аԥҵахоит ҳәа азгәеиҭеит аилацәажәараҿы аминистр.
Ақыҭанхамҩа аминистрра агрономтә ҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа сынтәа адгьыл ацәаӷәара иадҳәалоу азҵаарақәа иаҳа инарҭбааны дырзааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил шәазыӡырҩыр.