Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла иҷыдоу аруаа ргәыԥ Мариуполь аџьаама иҩнакыз атҟәацәа рхы иақәиҭыртәит

Аоперациа мҩаԥган Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиип Ердоган иҟаиҵаз аҳәарала.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Урыстәыла иҷыдоу азыҟаҵара змоу аруаа ргәыԥ Мариуполь аҭырқәа џьаама иҩнакыз атҟәацәа рхы иақәиҭыртәит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Мариуполь ақалақь ахы ақәиҭтәра иазкыз ажәыларақәа раан, Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиип Ердоган мшаԥы 16 рзы иҟаиҵаз аҳәарала Приморсктәи араион аҿы имҩаԥган Мариуполь аҭырқәа џьаама украинатәи анацистцәа иҩнаркыз атҟәацәа рхы иақәиҭыртәит", - ҳәа аҳәоит адырраҭара.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит аоперациаан аџьаама ахы ишақәиҭтәыз, 29-ҩык ацәгьоуцәа шҭархаз. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аҳәаанырцәынтәи қьырала иааны еибашьуазгьы.
Аџьаамаҟны итҟәаны иҩнакыз Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла атәылақәа руак иатәылауаан, урҭ рхы иақәиҭтәны иахьшәарҭам аҭыԥ ахь инаргеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Мариуполь абандитцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәхоит иҳәеит Кадыров
Урыстәылатәи архәҭақәеи Донецктәи Жәлар Рреспублика архәҭақәеи Мариуполь иакәшеит хәажәкыра 7 рзы, уи аахыс ақалақь аиҳарак рнапахьы иааргеит, зықьҩык инареиҳаны украинатәи аруаа, аофицарцәагьы налаҵаны, хатәгәаԥхарала аурысцәеи донбассааи рыҽрырҭеит.
Аиҿагыларақәа раан ақалақь аҵакыра анационалисттә еиҿкаара "Азов" иалоу ацәгьоуцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәуан. Уажәазы анационалистцәа ирцәынхақәаз ацәгьоуцәа аметаллургиатә зауад "Азовсталь" аҵакыраҿы иҟоуп.