Аԥсны

Аԥснытәи аспортсмен зых иақәиҭу аиқәԥаразы аицлабраҿы аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит

Мшаԥы 15 -17 рзы Белореченск имҩаԥысуан 2007-2009 шықәсқәа рзы ииз аҷкәынцәа злахәыз Аладатәи Афедералтә округ аҿы зых иақәиҭу аиқәԥаразы аицлабра.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Аԥснытәи аспортсмен Мураҭ Ԥкьын 2007-2009 шықәсқәа рзы ииз аҷкәынцәа злахәыз Аладатәи Афедералтә округ аҿы зых иақәиҭу аиқәԥаразы аицлабраҿы араӡны медал игеит ҳәа аанацҳауеит аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы асаит.
Мураҭ Ԥкьын 38 кьыла зкапануаз дрылахәны Краснодартәи атәылаҿацә ахьӡала дықәгылон.
Афинал аҿы Ԥкьын иаԥигеит Калмыкиатәи аиқәԥаҩ.
Мшаԥы 15 -17 рзы Белореченск имҩаԥысуан 162-ҩык злахәыз, 2007-2009 шықәсқәа рзы ииз аҷкәынцәа рыбжьара Аладатәи Афедералтә округ аҿы зых иақәиҭу аиқәԥаразы аицлабра.