"Смерш" агентцәа рфырхаҵарақәа ртәы зҳәо адокументқәа рыларҵәоуп

Лаҵара 15 1943 шықәсазы иаԥҵан аконтрԥшыхәра Аҟәша "Смерш" (НКВД СССР). Аббревиатура "Смерш" иаанагон "Смерть шпионам!"
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik. Урыстәыла АшәМ иаланарҵәеит архивтә документқәа. Урҭ иаадырԥшуеит асовет арратә контрԥшыхәра "Смерш" ахаҭарнакцәа рфырхаҵареи ргәымшәареи. Абри атәы аҩуеит РИА Новости.
Аконтрԥшыхәра аҟәша "Смерш" лаҵара 15 1943 шықәсазы иаԥҵан. Аббревиатура "Смерш" иаанагон "Смерть шпионам!"

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан аҟәша агентцәа Гитлер ир рыԥшыхәра-диверсиатә ҟәшақәа хыцәнымырха ирҿагылан.

"Смерш" аусбарҭақәа ирус хаданы иҟан абвер (вермахт акомандаҟаҵара хада аҟәша, Ар ҟаԥшь ртыл аҿы аԥшыхәреи аконтрԥшыхәреи мҩаԥыргон, адиверсиақәа еиҿыркаауан) рус аҵшәаара.
Асовет еидгылаҿ еиҿкаан еиуеиԥшым атәылақәа рҿы аӷа иԥшыхәреи иконтрԥшыхәреи ирҿагылоз асистема.
Аекспертцәа ргәаанагарала, "Смерш" иалнаршеит аӷа имаҵзура ҷыдақәа имҩаԥыргоз аҿагыларала Ар Ҟаԥшь роперациакгьы аиԥмырҟьара. Иарбанзаалак асовет напхгара иамаз стратегиатә планкгьы аӷа ирдырмызт. Уи адагьы Ар Ҟаԥшь рыҩнуҵҟа ма атыл аҿы зныкгьы афашист Германиа шақәгәыӷуаз аиԥш ҿагылара ҟамлеит.