Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи "Искандерқәа" Украина аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҭадырхеит

Арратә операциа аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи ар, Украина абџьарҟәныхра мҩаԥго, арратә обиектқәеи аинфраструктуреи ааха рырҭоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Украина аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥшьба еиладырбгеит аракетақәа "Искандер" рыла ҳәа аанацҳауеит аофициалтә Telegram-канал аҿы Атәылахьчара аминистрра.

"Аракетатә ар аракетақәа "Искандер" рыла аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥшьба, украинатәи арратә техника, аӷа ир ргыларҭақәа хԥа ааха рырҭеит аиланхарҭақәа Попаснаиа, Иамполь, Краматорск рҿы", – аҳәоит адырраҭараҿы.

Мшаԥы 17 - 18 рзы аракетақәа рыла иҭархан 16 арратә обиект: акомандаҟаҵаратә ҭыԥқәа хәба, абылтәыҵәахырҭа, аџьаԥҳаныҵәахырҭақәа хԥа, арратә техника, аруаа аиланхарҭақәа Барвенково, Гулиаи Поле, Камышевах, Зеленое Поле, Великомихаиловка, Николаев рҿы.
Аусбарҭа адыррала, урыстәылатәи аоператив-тактикатә авиациа ари атехникеи ргыларҭақәа 108 ааха рырҭеит, арратә авиациа 8 танки акәылӡымашьынақәеи ҭадырхеит.
Иара убасгьы урыстәылатәи ПВО аҳауаҿы иҭадырхеит аҳаирпланқәа 3, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 11, имҩахҟьан Чернобаевка иақәкны украинатәи РСЗО иҭдырҟьаз 10 ахгәыцәқәа.
Урыстәылатәи артиллериа 315 обиект ааха рырҭеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Мраҭашәаратәи атәылақәа рҟынтәи абџьар аазгоз украинатәи аҳаирплан Одесса иҭадырхеит