Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә усбарҭақәа аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра анагӡара иалацәажәеит

Ииасыз ашықәс жьҭаарамзазы анапы аҵаҩын афымцацәаҳәақәа рыла еиҭарго атауарқәа аҳазатә хылаԥшра рыҭаразы Аиқәшаҳаҭреи Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара имҩанырго атауарқәа рҳазатә хәыԥсазы адыррақәеи ашәҟәқәеи реимдаразы Аԥкаанҵеи.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзуреи авидеоконференциа мҩаԥыргеит афымцацәаҳәақәа рыла еиҭарго атауарқәа аҳазатә хылаԥшра рыҭаразы Аиқәшаҳаҭра анагӡара азҵаарақәа рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аилак асаит.
Аиқәшаҳаҭра анапы анаҵарыҩ ашьҭахь имҩаԥган аилацәажәарақәа.
Аганқәа Аԥсни Урыстәылеи рҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу афымцамчхара аҭаҩратә хархәагақәеи урҭ русура амшқәеи аамҭақәеи реиқәыԥхьаӡа рибаҭеит. Арҭ ахархәагақәа аҳәаа иахырго афымцамчхара ахышәаҵышәа аҳазатә хылаԥшразы рхы иадырхәоит.
Авидеоконференциақәа аамҭа-аамҭала рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп аганқәа рыбжьара аинырреи Аиқәшаҳаҭра анагӡареи рмеханизмқәа рышьақәыргыларазы.
2021 шықәсазтәи Аилак аусуразы аколлегиа амҩаԥгараан иазгәаҭан амчрақәа реиҳарак шазырхаз Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьаршәалара.
Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә маҵзурақәа Москва аиқәшаҳаҭрақәа рнапы аҵарҩит
Ари аус аҳәаақәа ирҭагӡаны анапы аҵаҩын Аиқәшаҳаҭра ареспубликақәа реиҳабыра рыбжьара афымцацәаҳәақәа рыла еиҭарго атауарқәа аҳазатә хылаԥшра рыҭаразы Аиқәшаҳаҭра, Аԥсны аҳазалхратә напхгараҭара автоматизациа аҿиаразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилки Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзуреи рыбжьара Амеморандум.