Аԥсны

Урыстәыла атәылауаа закәаншьаҭада амаининг азы ахархәага Аԥсныҟа алагалара рҽазыршәон

2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 аҟынӡа Аԥсны азин ыҟам акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ареспубликахь ралагалара.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 19 – Sputnik. Урыстәыла атәылауаа Мерзлиаков А.С., Тарков А.Н. закәаншьаҭада амаининг азы ахархәага Аԥсныҟа алагалара рҽазыршәон ҳәа аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Мерзлиаков имашьынаҿы иԥшаан иагьимхын акриптовалиута арҳаразы аппаратқәа жәбеи урҭ рыхәҭақәа хеш-платқәа ҩажәи ҩбеи.
Тарков имашьынаҿы иԥшаан иагьимхын акриптовалиута арҳаразы аппаратқәа хәба.
Аҳазалхратә ԥҟарақәа реилагаразы аматериал еиҿкааны Аилак аҳазалхратә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы инашьҭуп.
Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 аҟынӡа Аԥсны азин ыҟам акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ареспубликахь ралагалареи амаининг фермақәа русуреи.