Ақалақь нап адкылара, арыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгара, ариаҵәара, арԥшӡара, агәамсам ақәгара, аԥхаррақәа ҟалазар русура иацлеит аҳҭнықалақь акоммуналтә усбарҭа аусзуҩцәа.
"Ариаҵәара аганахьала иахьазы ақыҭанхаҩы иус еиԥшуп иҟаҳҵо. Ақалақь аҟны еиҭаҳау ачықьқәа рганқәа аваҳхуеит иахәҭаны иҟазар, зоура дуу хәыҷык иагҳархуеит, ашьаԥқәа ҳбаҳауеит, еиуеиԥшым арҵәыра аҳҭоит. Аҵлақәа ракәзар иҟоуп зыбӷьы каԥсо, икамԥсо, урҭ хазы-хаз азнеишьа рҭахуп. Ҳаҵлақәа хәыҷык ақәрагьы рымоуп, ашыцламшә зқәу рацәоуп, уигьы знеишьак аҳҭоит, амшқәа ааилгар, ахәшәтәра ҳалагоит", - иҳәеит Џьынџьал.
Иара иҳәеит, абҵарамзазы ишеиҭарҳаз аҳҭнықалақь аҟны ахьҭақәа иаҳа изычҳауа ашәҭқәа 30 нызқь шьаҭа рҟынӡа, аԥхын мза рашәаранӡа даҽа 50 нызқь шьаҭа инарзынаԥшуа ашәҭқәа еиҭарҳараны иҟоуп.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.