АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны афольклор вокалтә ансамбльқәа XII ареспубликатә фестиваль мҩаԥысраны иҟоуп Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭфилармониаҟны мшаԥы 20 азы. Аконцерт иалагоит асааҭ 18:00 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика жәлар рҟазара Ацентр адиректор Нури Кәарҷиа.
Сынтәа афестиваль иалахәхоит аколлективқәа жәба, Џьырхәа ақыҭантәи ансамбль "Кьараз" назлоу. Уаанӡатәи афестивальқәа иреиԥшымкәа сынтәа аиҿкааҩцәа афольклортә ашәақәа реиԥш автортә ашәақәагьы аларгалеит.
"Автортә ашәақәагьы алаагалеит. Жәлар рстиль иатәу автортә ашәақәагьы аҿиара рымазароуп, избанзар ари аҭыԥ заҵәык ауп афольклортә коллективқәа рзы иҟоу ", –иҳәеит Нури Кәарҷиа.
Афестиваль иалахәуп араионтә вокал-инструменталтәи ахор-фольклортәи ансамбльқәа. Урҭ ррепертуар шьақәгылоуп афольклортә ашәақәа рыла.
Коллектив-цыԥхьаӡа х-вокалтә номер нарыгӡоит, урҭ руак автортә рҿиамҭахоит. Аколлективқәа зегьы иранашьахоит алахәыла идиплом, аҳамҭақәа.
Афестиваль хықәкыс иамоуп амилаҭ музыкатә фольклортә ҭынха аиқәырхара, аҿар жәлар рмузыка адыԥхьалара, жәлар рҟазара арҿиара.