Аԥсны

"Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи ахада иганахьала ихацырку ашьаус аӡбарҭахь инашьҭуп

"Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи ахада Беслан Аҩӡба 150 миллион мааҭ рҟынӡа еимиҵәеит ҳәа ахара идырҵоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи ахада Беслан Аҩӡба иганахьала ихацырку ашьаус аҭҵааразы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь инашьҭуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада.
Аҳәынҭеилахәыра адиректор хада Беслан Аҩӡба иганахь ала аԥареимҵәараз ашьаус хацыркын 2020 шықәса хәажәкырамзазы. Аҩӡба 150 миллион мааҭ рҟынӡа еимиҵәеит ҳәа ахара идырҵоит. Беслан Аҩӡба харан идырҵоит аҳәынҭқарратә мазара аа-хҭыск рыла еимиҵәеит имаҵзуратә ҭыԥ ихы иархәаны ҳәа, иара убас аҳәынҭеилахәыра амазара мцҳәарыла еимиҵәеит ҳәа.
Апрокуратура хада иазгәанаҭеит, ашьаусԥшаарақәа рылҵшәақәа рыла Аԥсны аекономикахь ашәҟәы шынашьҭу аҳәынҭеилахәыра ахада иҳаҭыԥуаҩи аҳасабеиларгаҩ хадеи лахь рырҭарц, рнапынҵақәа рҟынтәи рхы иақәиҭтәызарц.
Иара убас Гәылрыԥшь араион ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аинспекторцәа русураҿы аилагарақәа ахьаарԥшу иахҟьаны аминистррахь ашәҟәқәа нашьҭуп.