Аԥсны

Нугзар Логәуа Акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ ихҵоуп

Асахьаҭыхыҩ, апоет, ауаажәларратә усзуҩ Нугзар Логәуа 66 шықәса ихыҵуеит. 2005-2011 шықәсқәазы Аԥсны акультура аминистрс дыҟан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Нугзар Логәуа Акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵоуп. Абри азы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.

"Аԥсны аҿыханҵатә ҟазара аҿиараҿ илагала ду азы, аԥсуа культура аларҵәаразы Логәуа Нугзар Ҷыҷыкәа-иԥа ихҵазааит "Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы", - аҳәоит ашәҟәы аҿы.

Асахьаҭыхыҩ, апоет, ауаажәларратә усзуҩ, уаанӡатәи акультура аминистр Нугзар Логәуа акультуреи аҭҵаарадырреи рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩс дыҟоуп. Иара убасгьы ААУ аҿы алекциақәа дрыԥхьоит, еиҿикаауеит жәларбжьаратәи арт-пленерқәа, Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа аԥҵаразы аиндаҭларатә комиссиа далахәылоуп.