Атуристтә сезон аламҭалазы аԥсшьаҩцәа рыдкыла рҽазыҟарҵоит Бедиаагьы. Ауахәама аганаҿы Игор Ҭварҭваиа иааиртит афатәҭиирҭа-акрыфарҭа. Ауахәамахь инеиуа аԥсшьаҩцәа зегьы уа инадгылоит ҳәа азгәеиҭеит аԥшәма аиҿцәажәараан.
"Жьҭаарамзаз иаасыртит адәқьан. Иааиуа рацәоуп. Даара ибзиа ҭыԥуп. Аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иахьагьы хар амаам, аԥхын еиҳагьы еиҳахоит. Иаҳҭиуа зегьы ҳара иаҳтәуп. Иааиуа крырфоит крырыржәуеит. Уажәы аҭыԥ ацҵара саҿуп, 30-ҩык рҟынӡа иуртәо иҟалоит. Араҟа иаҳтиуа зегьы аҩны иааҳрыхуа ауп. Ашәырқәа, аҩы, зегьы сбаҳча аҟынтә иҭызго ауп. Аџьабаа дууп, аха уи ада ақыҭаҿы иауам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Игор Ҭварҭваиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.