Аԥсны

Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә ԥхьахә аиуразы азыҳәақәа рыдкылара иалагеит

Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә ԥхьахә рырҭоит ауаажәларратә зхаҵара зауз, аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы иубартә иҟалаз ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку арҿиамҭақәа рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Акультура аминистрра ирыланаҳәеит Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә литературатә ԥхьахә аиуразы азыҳәақәа рыдкылара ишалагаз.
Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә ԥхьахә шьаҭаркын 2013 шықәсазы Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала. Хышықәса рахь знык имҩаԥысуеит ауснагӡатә. Уажәазы аԥхьахә ранашьахоит 2019 -2021 шықәсқәа рзы икьыԥхьыз асахьаркыратә рҿиамҭақәа: апоезиа, апроза, адраматургиа рҿы. Алауреатцәа ах-жанырк рҿы иалыркаауеит.
Азыҳәақәа рыдыркылоит ԥхынгәы 20, 2022 шықәсанӡа Акультура аминистрраҿы еиҿкаау акомиссиаҟны.
Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә ԥхьахә шьаҭаркын 2016 шықәсазы ашәҟәыҩҩратә еилазаара аԥшьгамҭала. Раԥхьатәи алауреатцәа рыӡбахә ҳәан 2017 шықәсазы.
"Анцәа иҟынтә, ауаҩ иҟынтә, маҷӡак аҩсҭаа иҟынтә": Таиф Аџьба игәаларшәаразы