Афольклортә ҭынха аиқәырхаразы: афестиваль "Раида"

XII Аԥснытәи афольклор-вокалтә ансамбльқәа Рреспубликатә фестиваль иалкаау аконцерт "Раида" мҩаԥысит Аҟәа, уи иалахәын аинструменталтә ансамбльқәа жәаба.
Sputnik
XII Аԥснытәи афольклор-вокалтә ансамбльқәа Рреспубликатә фестиваль рхы аладырхәит: Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭантәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рфольклортә-шәаҳәаратә ансамбль "Кьараз", Гәдоуҭатәи афольклортә ашәаҳәаратә ансамбль "Ахьышьҭра", ақалақь Пицунда ансамбль "Абааҭа", Аҟәатәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Ашара", ақалақь Тҟәарчал афольклортә ансамбль "Тҟәарчал", Гәдоуҭатәи афольклортә ансамбль "Гәдоуҭа", Аҟәатәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Абаза", Гәдоуҭатәи афольклортә ашәаҳәаратә ансамбль "Риҵа", Очамчыра араионтә ансамбль "Ерцахә", Гагратәи афольклортә шәаҳәаратә ансамбль "Кьараз".
Аконцерт ахыркәшамҭаз алахәылацәа иранаршьеит "Аԥсны афольклортә ҭынха аиқәырхаразы" адипломқәеи аҳамҭақәеи.
1 / 11

XII Аԥснытәи афольклор-вокалтә ансамбльқәа Рреспубликатә фестиваль аконцерт "Раида" мҩаԥысит.

2 / 11

Аконцерт иалахәын акыршықәса ахәаԥшцәа зыргәырӷьо артистцәа

3 / 11

Хыԥхьаӡарала аколлективқәа жәаба алахәын.

4 / 11

Радима Џьыкырԥҳа Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә оркестр аҟны аԥхьарца арҳәаҩы.

5 / 11

Азал аҟны итәаз аконцерт аҭааҩцәа ирдыруаз, ираҳахьаз, аԥсуа шәақәа рыцырҳәон.

6 / 11

Афестиваль алахәылацәа инарыгӡеит еиуеиԥшым афольклортә ашәақәеи акәашарақәеи.

7 / 11

Афестиваль рхы аладырхәуеит Аԥсны иҟоу авокал-инструменталтә, ахор-фольклортә ансамбльқәа.

8 / 11

Афестиваль хықәкыс иамоуп амилаҭ музыкатә фольклортә ҭынха аиқәырхара, аҿар жәлар рмузыка радԥхьалара, жәлар рҟазара арҿиара.

9 / 11

Раԥхьаӡа акәны афольклор-вокалтә фестиваль "Раида" мҩаԥысит 2010 шықәсазы.

10 / 11

Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭантәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рфольклортә-шәаҳәаратә ансамбль "Кьараз".

11 / 11

Аконцерт ахыркәшамҭаз алахәылацәа иранаршьеит "Аԥсны афольклортә ҭынха аиқәырхаразы" адипломқәеи аҳамҭақәеи.