Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵлаииа абиԥара ҿа апатриотизм рылааӡара иазку аусмҩаԥгатәқәа ртәы

Аибашьра иазку афильмқәа дырбареи акциа "Агәалашәара абаҳчеи" дрылацәажәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аусзуҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Геннади Ҵлаииа.
Sputnik
Ари амчыбжь азы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы ашколхәыҷқәа апатриоттә ҟазшьа змоу, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иадҳәалоу акиносахьақәа ддырбоит. Убасгьы амузеи аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакцәеи иахьа Аҟәа ашколқәа руак ашҭаҟны аҵлақәа еиҭарҳаит акциа "Агәалашәара абаҳча" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аҭоурыхҭҵааҩ Геннади Ҵлаииа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа рҵакы, еиҵагыло абиԥара аибашьра аҭоурых рызнагара заҭаху атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.