Арадио

Дбар аӡхыҵрақәа рзы: есааира иџьбарахо усуп, ҳҽазыҟаҳҵароуп

Аӡхыҵрақәа ршәарҭара заанаҵтәи алаҳәара захьӡу асистема шьақәыргылоуп ҳтәыла ақыҭақәа хәба рҟны. Асистема аусушьа шеиҿкаахои, иара ахәарҭеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Аекологиа аинститут аиҳабы Роман Дбар.
Sputnik
Аӡхыҵрақәа ршәарҭара заанаҵтәи алаҳәара захьӡу асистема ашьақәыргыларазы апроект анагӡара алнаршеит жәларбжьаратәи ахеилак, аконсультациа аус аҟны ацхыраара ҟанаҵеит Аԥсны аекологиа аинститут.
Ҳазҭагылоу аамҭазы аҳауа аҽаԥсахуеит, ари адунеи зегь азы проблемас иҟоуп ҳәа еиҭеиҳәеит Дбар.
"Аӡхыҵрақәа есааира иџьбарахо усуп. Ҳарҭгьы ҳҽазыҟаҳҵароуп. Аӡиасқәа рыцқьатәуп, аҟәарақәа рӷәӷәатәуп, аха уи акы. Аҭагылазаашьа аныуадаҩхо аамҭазы ианаамҭоу ауаа адыррагьы рыҭатәуп", - ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.
Дбар иҳәеит Аԥсны иаҳа ишәарҭоу аӡқәа рҿы ишыргылоу аӡқәа рышьҭыҵра гәазҭо асистемақәа.
"Аӡышьҭыҵра аԥхьатәи ашьаҿа аан асигнал цоит администрациахь, азҿлымҳара арҭарц. Аӡы иаанымгылаӡакәа еиҳагьы ишьҭыҵыр, аҩбатәи ашьаҿа - асигнал нанашьҭуеит, асиренагьы аус ауеит, аҳабла зегьы ирхыҵәарцаз", - ҳәа иҳәеит Дбар.
Раԥхьа иргыланы асигнал заҳауа рхы иахәароуп, рыҩнқәа аанрыжьырцаз, аҳаблақәа рҿы агәыԥқәа ыҟазароуп, зхы иамахәо ауаа ацхыраара рырҭаразы ҳәа еиҭеиҳәеит аҵарауаҩ.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.