Арадио

Ԥоцхороӷлы Гәдоуҭа арезервтә архәҭазы: ҳзықәгәыӷша ҳамоуп

Акоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Гәдоуҭа. Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Лизберт Ԥоцхороӷлы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит урҭ аҽазыҟаҵарақәа ирыҵаркуа атәы, ааԥхьара змаз рахьынтә шаҟаҩ неиз, насгьы урҭ рхы шаадырԥшыз атәы.
Sputnik
Афбатәи абригада Гәдоуҭатәи еизарц адҵа рыҭан. Иџьоушьаша, арезерв аҿы иҟаз зегьы ааит ҳәа азгәеиҭеит Ԥоцхороӷлы.
"Аԥхьа иааган аԥшыхәцәа ргәыԥ, анаҩс аминаршәцәа ргәыԥ арезерв иахыԥхьаӡалоу. Арратә маҵзура зхызго аофицарцәа рыдыргыланы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит, урҭ рнаҩс иадԥхьалан атәылахьчара аминистрра аруаа рыдагьы, ашәарҭадаратә маҵзура, аҩнуҵҟатәи аусбарҭа русзуҩцәагьы. Ахысрақәа бзиан. Зегьы рыдҵақәа ишахәҭаз инарыгӡеит. Уаҵәы аҳәынҭқарра ашәарҭара иҭагылар, ҳзықәгәыӷша арезерв ҳамоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ԥоцхороӷлы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.