Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла АКМ Украина аҽа 73 арратә обиект ҭадырхеит

Уаанӡа Урыстәыла АА рминистр Сергеи Лавров иҳәахьан Украина аоперациа ҷыда афаза ҿыц ишалаго.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Урыстәыла аоператив-тактикатәии арратә авиациеи амш иалагӡаны 73 арратә обиектқәа ԥыржәеит ҳәа иҳәеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.
Арахь иаҵанакит аракета-артиллериатә бџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа ҩба.
Урыстәыла АКМ рракетақәа ааха рырҭеит украинатә арратә ргыларақәа 12. Убри аан иҭархоуп 150-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа, анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 2, ареактивтә системақәа рышьақәгылақәа 5, акәылӡтехника – 8.
Анапхгараҟаҵаратә ҭыԥқәа 4, аӷа ир ргыларҭақәа, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ааха рыҭоуп.
Корови Иар араион аҟны урыстәылатәи аҳауаҿыгалартә мчқәа икарыжьит украинатәи авертолиот Ми-8.
Атәылахьчара аминистрра адыррала, аоперациа ҷыда иалагазар украинатәи ар ирцәыӡхьеит: 140 ҳаирплан, 106 вертолиот, 498 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 254 азенит-ракетатә комплекс, 2397 танки акәылӡы машьынеи, 261ареактивтә системақәа рышьақәгыла, 1038 артиллериеи аминаршәгақәеи иара убасгь 2244 ак арратә автомашьынатә техника.